Гагра араион аҿы ашәарыцара аԥҟарақәа еилазго жәахаҩык шьақәыргылан.
Аԥсны ашәарыцара аамҭа а́илашыкьымҭоуп. Ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа ишьақәыргылоу аԥҟарақәа рықәныҟәара ахылаԥшра ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭоит. Аԥсны АҩАР аҭыԥантәи аҟәшақәа русзуҩцәа иааиԥмырҟьаӡакәа аилагара аԥхьырҟәҟәаареи азакәан иаҿагылоу аусқәа ҟазҵо ауаа рышьақәыргылареи ирызку апрофилактикатә усурақәа мҩаԥыргоит. Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәа ақыҭақәа Маҳадыр, Амзара, Лаԥсҭарха, Ԥсоу рҿы агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит.
Название:
Гагра араион аҿы ашәарыцара аԥҟарақәа еилазго жәахаҩык шьақәыргылан.
Категория:
Новости и СМИ