Абнатә ҧстәқәа – гәырҿыхагас иҟам.
Гагра араион аҧсшьарҭа ҭыҧқәа зегьы рҿы ареидтә усмҩаҧгатәқәа нагӡан, урҭ рзырхан закәаншьаҭада абнатә ҧстәқәа гәырҿыхагаси, аҧарарҳарази рхархәара аус анкылара. Агәаҭарақәа мҩаҧыргеит Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа ацуҭа амилициеи ауаажәларратә шәарҭадаразы аҧыҧшра-гәаҭаратә маҵзура амилициеи, Аҧсны аекологиазы Аҳәынҭқарратә еилаки русзуҩцәа . Ас-еиҧш апрофилактикатә усмҩаҧгатәқәа лассы-лассы инарыгӡалоит. Урҭ рхықәкы - закәаншьаҭада имҩаҧысуа арҭ аусқәа раҧырҟәҟәареи, аҧстәқәа гәымбылџьбарыла рызныҟәара аанкылреи, атәылауаа ибнатәу аҧсабара ахь ирымоу аҭакҧхықәра реилыркаареи ауп.
Название:
Абнатә ҧстәқәа – гәырҿыхагас иҟам.
Категория:
Новости и СМИ